"Сыԥсы ҭанаҵы исҳәалоит, Гьиурбиуз Ҭарба Аԥсны ауниверситет дҭан, дыздыруа рацәаҩуп, иан д-Хьециаԥҳауп, днасыдгылан ус салҳәеит: Гьиурбиуз имаҭәақәа еидыскылеит, дышәхашәмыршҭын ҳәа. Иара дхәыҷуп, харантәгьы абџьар имбаӡацт анысҳәа, "аамҭа аныбзиаз уа дыҟазҭгьы, уажәгьы ижәлар дрылагылазароуп. Ҳажәлар ԥсыр - дыԥсып, инхар - дынхап. Иахьа дынзымца, уаҵәы Аԥсны ԥхыӡла абара азин исҭом" ҳәа салҳәеит. Абри иахьысҳәогьы схәы-сжьы еилагылоит. Усҟан ари зегьы џьасшьон, аха иахьа саназхәыцуа сгәы дууп абас еиԥш иҟаз ҳажәлар рзы", - иҳәеит Ҷкотуа.
Зегь реиҳа ихадаз уи аамҭаз амҩа аартра акәын ҳәа азгәеиҭеит аиҭагаҩ аиҿцәажәараҿы.
"Аибашьра иалагоит, ацхыраара аҭахуп ҳәа Ҭырқәтәылаҟа санырышьҭуаз, Арӡынба дсазҵааит "шаҟаҩ аарыда адиаспора аҟынтә" ҳәа. Азныказ исҳәара сҿамшәо саанхеит, нас 50-ҩык ҳәа иаасҿыҵҟьеит. Дызхагылаз астол дасны, "ҳаиааизшәа иԥхьаӡа" иҳәеит. Усҟан исзеилымкааит ииҳәаз иаҵанакуаз. Аибашьра иалаганы 33-ҩык ҳанааи, еилыскааит зықьҩыла иааргьы аӡә дааргьы ак шакәыз. Ихадараз - амҩа аартра акәын, аимадара иалагар акәын", - еиҭеиҳәеит Ҷкотуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба
Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара
- Гогәуа: агазеҭ "Сабаҳ" адаҟьақәа рылоуп ҳҭаацәа Аԥсныҟа еибашьра ҳшааз злеилыркааз