Арадио

Гогьиа: атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра аус цәгьаны ицоит

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит - Аԥсны ахада иалхрақәа рахь инеиуа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, Жәлар реизара алхрақәа ирылахәыз раасҭа.
Sputnik
Гогьиа: атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра аус цәгьаны ицоит

"Атәылауаҩшәҟәы аԥсахра аус цәгьаны ицоит. Иахьагьы апаспорт-визатә маҵзура ари азҵаара аус адулара иаҿуп. Атәылауаҩшәҟәқәа зымгацгьы дубап.  Урҭ алхрақәа рхы аладырхәырц рҭахызар ианаамҭоу иргароуп. Уи аԥхьа, Аԥсны Жәлар реизарахь иҟаз алхрақәа зхы рылазархәыз раасҭа уажәы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷуп. Макьаназы 20 000 алхыҩцәа роуп асиа иану. Атәылауашәҟәқәа ракәзар 5-6 нызықь ҟаҵаны ишьҭоуп, иахьазы зынӡаск иалазымҵыцгьы иҟоуп. Убри аҟнытә, Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа еиҵахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гогьиа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит:

  • Урыстәыла Афедерациатә Хеилак алхрақәа ирылахәхоит
  • Аахыҵ Уаԥстәылатәи анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхра иалахәхоит