Корсаиаԥҳа аопера "Богема" Аԥсны дырбаразы: ииашаҵәҟьаны, культуратә хҭысуп
© Sputnik
"Ииашаҵәҟьаны амузыка ианыҳәоуп иахьа. Ари афестиваль раԥхьатәи аиубилеи ауп. Хәышәықәса раԥхьа дара аналагоз концертк аҳасабала иалагазар, иахьа ишынеибаку аопера ықәдыргылеит адунеи зегьы аҿы еицырдыруа. Аопера ықәыргылан спектакльк аҳасабала. Ари зегь раԥхьаӡатәи хҭысуп, асовет аамҭазы "Аламыс" ҳәа иқәдыргылахьан, аха иахьа ҳара иаҳбоит ҳара ҳартистцәа, ҳҿарацәа рынагзарала аопера наӡа. Ари ахҭыс анаҩсангьы ҳара иаабоит зыҩаӡара ҳараку ашәаҳәаҩцәа. Сара сгәанала, ари зегьы ҳзы акрызҵазкуа культуратә хҭысуп", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Алхрақәа рысакьаҳәымҭаз аоператә шәахәақәа…
Ферзба аопера "Богема" Аԥсны ақәыргыларазы: аамҭа маҷны иҳаман