Шьамтәыла аракетатә жәылара ԥнарҟәҟәааит

Шьамтәылатәи АИХ рдыррақәа рыла аракетатә жәылара мҩаԥган Ливан аҵакырадгьылаҟынтәи. Шьамтәылатәи ПВО ажәылара аԥдырҟәҟәааит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система апровинциа Хама Масиаф ақалақь иазырхаз аракетатә жәылара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал Syria TV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система апровинциа Хама Масиаф ақалақь иазырхаз аракетатә жәылара аԥдырҟәҟәааит. Аракетақәа ажәҩан аҟны иԥжәан", - аанацҳауеит ателеканал.

Масиаф аганахь ала аракетақәа ҭырҟьан асааҭ 23:06 рзы Ливан аҳауатә ҵакыраҟынтә ҳәа иҳәоит Шьамтәыла ар рхаҭарнак.

Иара иазгәеиҭеит аракетақәа аҳауаҿы ишыԥжәаз.

Аматериалтә ԥхасҭеи ааха зауаз ауааԥсыреи рганахь ала дырра ыҟам.