Арадио

Кәарҷиаԥҳа ауада "Згәабзиара ӷәӷәоу ахәыҷы" азы: анацәа қәыԥшцәа рзы ихәарҭоуп

Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы иаатит "Згәабзиара ӷәӷәоу ахәыҷы" ҳәа хьӡыс измоу ауада. Уи аҭахны изыҟаз, насгьы функциас инаныгӡо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥсихолог-алогопед Индира Кәарҷиаԥҳа.
Sputnik
Кәарҷиаԥҳа ауада "Згәабзиара ӷәӷәоу ахәыҷы" азы: анацәа қәыԥшцәа рзы ихәарҭоуп

"Ари ауада еиқәыршәоуп еиуеиԥшым амыругақәа рыла, уаҟа аус рулоит аневролог, апсихолог, ахәыҷтәы ҳақьым. Аҳақьымцәа ахәыҷы иани иареи рыкрыфашьа ишазнеитәу, изыргәамҵыр ҟало аҭагылазаашьақәа уҳәа атәы рзеиҭаҳәахоит. Ақашьқәа шеиқәыршәатәу, реилазаашьа зеиԥшразарц ахәҭоу уҳәа деилыркаахоит. Ари даара хра злоу акәны иҟоуп ахәыҷы даниуа игәабзиара ахьчаразы. Анацәа қәыԥшцәа ари зегьы рзымдырыр ҟалоит. Аневрологиатә чымазарақәа акыр имазар, урҭ ртәы рзеиҭаҳәахоит", - ҳәа азгәалҭеит Кәарҷиаԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.