Арадио

Гогьиа Аԥсны ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵаразы: аусура еилашуеит

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иахь алхрақәа рымҩаԥгаразы ицо аусура атәы.
Sputnik
Гогьиа Аԥсны ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵаразы: аусура еилашуеит

"Аҭыԥантәи алхратә ҭыԥқәа иахәҭоу амыругақәа рыла аиқәыршәара ҳаҿуп, ақьаадқәа, амҳәырқәа руома ҿыцны иҭҳажьыз зегьы. Акомиссиақәа русура шымҩаԥыргаша зну ашәҟә маҷ ҭҳажьит, зегьы еиԥшны ираҳҭеит. Уажәы аусурақәа зегь ахьеилашуа аҭыԥантәи алхырҭатә ҭыԥқәа рҿоуп. Еиҿкаауп аусуратә гәыԥқәа асеминарқәа рымҩаԥгарзы, алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рхантәаҩцәа уҳәа русура амҩаԥгашьа ахьреилдыркаахо. Азҵаарақәа рымазар, урҭ рҭак роуеит. Ателехәаԥшрала асоциалтә роликқәа дәықәаҳҵахьеит, араионқәа рхадацәа ирыҭоуп адҵа абанерқәа кыдырҵарц азы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гогьиа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.