Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа

Sputnik

Ажәытә жәабжь ишаҳәо ала, Қьырса изааигәаӡаз хҩык иҵаҩцәа Пиотри, Иакови, Иоанни Галилеиаҟа амҩа ишаныз, уи ицны ашьхахь ихалеит аматанеира еицымҩаԥыргарц. Уа аҵаҩцәа ирбеит Иаса Иҽеиҭакра - иара анцәахәы ихаҿсахьа иманы, маҭәа лашала, дкаԥха-каҷҷо апостолцәа рҿаԥхьа дцәырҵит. Иаса Қьырса апостолцәа азин римҭеит ирбаз аӡәы иаҳәара, иара Игылара амш аҟынӡа.

Анцәа Иҽеиҭакра Нанҳәатәи ачгара ахьынӡацо иаԥылоит. Аныҳәа аӡаҭыраз анцәахаҵаҩцәа азин рымоуп аԥсыӡ рфар.

Анцәа Иҽеиҭакра амш азы ашәыри ауҭраҭыхи рыԥшьоит. Бырзентәыла, Израиль, Кипр иқәынхо анцәахаҵаҩцәа ажь рыманы ауахәамақәа рахь инеиуеит, уи ажь анаҩс аҩы алырхуеит анцәа ицәеижь адкылара ақьабз амҩаԥгараан ахархәаразы. Урыстәыла ажь аҵәа ала ирыԥсахит, уи атәылаҟны иахьабалак иахьыҟаз азы.

1 / 11
Нанҳәа 19 рзы Аиашахаҵаратә уахәама иаԥылоит Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа.
2 / 11
Аныҳәа шьақәдыргылеит Фавор ашьхаҿы Иаса Қьырса иҵаҩцәа рҿаԥхьа Иҽеиҭакра агәалашәаразы.
3 / 11
Ари аныҳәа инамаданы Анцәа ихьӡала амаҵзура Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥигеит Иԥшьоу Иоанн Ахьҿы изку Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аигумен Игнати (Киут).
4 / 11
Аҟәатәи акафедралтә уахәама иаҭаауеит аҭаацәа рхәыҷқәа рыманы
5 / 11
Анцәа Иҽеиҭакра Нанҳәатәи ачгара ахьынӡацо иаԥылоит. Аныҳәа аӡаҭыраз анцәахаҵаҩцәа азин рымоуп аԥсыӡ рфар.
6 / 11
Аԥшьаҩыра
7 / 11
Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа Аԥсны аиашахаҵаҩцәа иазгәарҭоит
8 / 11
Ажәытә традициа инақәыршәаны, Аҽеиҭакра амш аҽнынӡа аҵәа уфар ҟалаӡомызт. Урҭ раԥхьа иԥшьатәын, аҽаҩра ахьроуз азы Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәон.
9 / 11
Божественную литургию по случаю праздника в Сухумском кафедральном соборе возглавил настоятель Каманского монастыря Святого Иоанна Златоуста, игумен Игнатий (Киут).
10 / 11
Анцәа Иҽеиҭакра амш азы ашәыри ауҭраҭыхи рыԥшьоит. Бырзентәыла, Израиль, Кипр иқәынхо анцәахаҵаҩцәа ажь рыманы ауахәамақәа рахь инеиуеит, уи ажь анаҩс аҩы алырхуеит анцәа ицәеижь адкылара ақьабз амҩаԥгараан ахархәаразы. Урыстәыла ажь аҵәа ала ирыԥсахит, уи атәылаҟны иахьабалак иахьыҟаз азы.
11 / 11
Анцәа Иҽеиҭакра амш азы ашәыри ауҭраҭыхи рыԥшьоит.