Арадио

Ахба алаинер "Князь Владимир" азы: асасдкыларатә индустриа аҿиара анаҭоит

Аԥсны асасааирҭақәа рыԥшәмацәа реидгыла ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аҟны иҳәеит акруизтә ӷба "Князь Владимир" ҳҳәынҭқаррахь аныҟәарақәа асасдкыларатә индустриа арҿиоит ҳәа.
Sputnik
Ахба алаинер "Князь Владимир" азы: асасдкыларатә индустриа аҿиара анаҭоит

"Алаинер ҩымш-хымш иадымхаргьы Аҟәа иаанҿаслар, дара иҭоу аԥсшьаҩцәагьы иахьынӡаздыруа хышәҩык иреиҳауп, урҭ рыбжеиҳараҩык ақалақь абара рҭаххар ауеит, аекскурсиатә программақәа рыдыргалоит. Иахьазы ҳаззыԥшу ари раԥхьатәи лаинеруп, уи иаҿыԥшны егьырҭгьы ҭалар бзиахоит, аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Ари асасдкыларатә индустриа аҿиара анаҭоит, ас еиԥш ахкқәа иҵегьы ҟалар ҳарманшәалоит, ҳарԥшӡоит аԥхьаҟа. Мышкызны ҳҳәынҭқарра иҵегьы иӷәӷәахар, аҭыԥантәи анаплакыҩцәагьы ус еиԥш алшара роур, Аԥсны иатәу алаинергьы цәырҵып ҳәа сгәы иаанагоит, уи мшынла ҳазмадоу аҳәынҭқаррақәагьы ирҭаауа иҟалап", - иҳәеит Ахба.

Акруизтә ӷба "Князь Владимир" Аԥсны раԥхьатәи акоммерциатә ныҟәара азгәаҭоуп 2020 шықәсазы.  Аӷба аԥышәаратә ныҟәара аҳасабала Аҟәатәи абаӷәазахь аара азгәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамзазы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • "Князь Владимир" амаршрут аҿы амшынбаӷәазақәа рнапхгаҩцәа ирԥылеит аԥсуа делегациа
  • Габуниа еиҭеиҳәеит "Князь Владимир" Аҟәа асқьалаҿы ааиразы ицо аусура атәы