Аҭырқәа ар Шьамтәыла ақалақь Саракиб иалалеит

Шьамтәылатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаанацҳауеит аҭырқәа бронетранспортиорқәа ақалақь Саракиб ишалалаз ашәахьа, нанҳәа 19 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik. Аҭырқәа арратә техника Шьамтәыла аҳәаа еилаганы ақалақь Саракиб иалалеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Шьамтәыла ААР адыррақәа ааганы.

Иазгәаҭоуп аҭырқәа бронетранспортиорқәа рхы шхоу Башар Асад ир ззеибашьуа апровинциа Идлиб иатәу ақалақь Хан-Шеихун аганахь.

Уаанӡа Шьамтәыла ар рнапахьы иааргеит Хан-Шеихун аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟоу агәаҭара-аушьҭырҭатә пункт, ацәгьоуцәа иааныркылаз ақалақь амацәаз иҭакуп.

Идлиб Шьамтәыла иҟоу атеррористцәа аҵыхәтәан иахьаанхаз ҭыԥуп. Абџьар зку аоппозициа ада, ара "Джебхат ан-Нусра"* абазақәа ыҟоуп.

*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә еиҿкаара.