Арадио

Капԥҳа Аԥснытәи афилармониа асолистцәа рконцерт азы: апрограмма еснагь еиԥш иҿыцуп

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аӡыргаразы аспециалист хада Арифа Капԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит нанҳәа 20 рзы аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысран иҟоу аконцерт апрограмма зеиԥшрахо.
Sputnik
Капԥҳа Аԥснытәи афилармониа асолистцәа рконцерт азы: апрограмма еснагь еиԥш иҿыцуп

"Нанҳәа 20 рзы имҩаԥысуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа рконцерт, иара асезон ҿыц аартра иазкуп. Ас еиԥш аконцерт есышықәса имҩаԥаагоит. Апрограмма еснагь иҿыцуп, афилармониа асценаҿы макьана иӡыргам арҿиамҭақәа рыла еиқәыршәоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟалоит ариақәа, аоперақәа. Асолистцәа рыбжьара иҟалоит Асида Шьакаиаԥҳа, Кристина Ешԥҳа, Елена Анқәабԥҳа, Нугзар Какалиа, Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба", - ҳәа азгәалҭеит Капԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • "Ромеои Џьульеттеи", аклассикатә музыка ахәылԥаз: нанҳәа 19 - 25 рзтәи афиша
  • Қапԥҳа: аклассикатә музыка есыҽнытәи адгылара аҭахуп