Арадио

Кәыҵниа: ашәарыцара ииашаны иазнеиуа изы аамҭа бааԥсхеит

Ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи реидгыла ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ҳтәылаҟны ашәарыцаразы аҭагылазаашьа далацәажәеит иара убас ашәарыцаразы иахәҭоу ашәҟәқәа ртәы дазааҭгылеит.
Sputnik
Кәыҵниа: ашәарыцара ииашаны иазнеиуа изы аамҭа бааԥсхеит

Аԥсны ачашәаразы азин ыҟоуп нанҳәа 17 инаркны.

"Ииашаны ашәарыцара иазнеиуа изы аамҭа бааԥсхеит. Избанзар уи еилазго уахынла акаҭақәа кны алашарбага ақәырԥханы зегьы (ачақәа- аред.) иҟәшәоит. Тәылак аҿы иҟаӡам абри аҩыза уахынлатәи ача аизгара. Ари кәыкәбааӡам иуҟәшәартә еиԥш, ала иарԥырроуп уара уеихсроуп. Ус ауп зхы пату ақәызҵо ашәарыцаҩ ишыҟаиҵо, даҽакала иԥхашьароуп. Иҿио ҳәа иԥхьаӡоу атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны ашәарыцаҩ бзиа аҵла ишықәҭәоу аԥсаатә деихсны ишьыр пату амаӡам, ишыԥыруа деихсны ишьыруп. Ҳара ҳҟны адгьыл аҟны иштәоу лашарбагала ирлашәны иршьуеит. Ашәарыцаҩ , хымԥада, имазароуп аблеҭ, ашәақь аныҟәгара азин шимоу зыршаҳаҭуа ашәҟәы, аҳәынҭқарратә биуџьет ахь аҳаза шалеигалаз ашәҟәы, уи азы аԥара 150 мааҭ абанк аҟны ишәоит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ашәарыцара абзиабаҩцәа ирдырыр иахәҭоу
  • Ашәарыцацәа: ашәарыцара асезон аартра ныҳәоуп ҳара ҳзы