"Аҳаиртә баӷәазаҿы ҳаҟан, асасцәа аҭагылазаашьа цәгьам ҳәа ахҳәаа азыҟарҵеит. Арҿыцразы аҟәрышь рацәаны иаҭахуп, аха аполитикеи аекономикеи аганахьала ибзиан аус аур шахәҭоу азы аилкаара ыҟоуп, ари аҳәынҭқарратә структуроуп. Апроект ашьақәыргылара ҩышықәса аҭахуп, ари ирлас иҟауҵар зылшо акәны иҟам. Апроблемақәас ицәырҵыр зылшои, иаҳнаҭои алҵшәақәеи уҳәа ган рацәала ари азҵаара аҭҵаара иаҿуп. Амҩа изқәу агәыӷра унаҭоит шьҭа џьара икылсып ҳәа. Ҳарҭ атехника аганахьала ҳҳаирбаӷәаза ишаҳбо ала ирыдаагалеит, иҳадгалаз апроект ҳақәшаҳаҭхеит. Аиҭашьақәыргылара ахарџь шаҟа ақәырӡхо анеилкаахалак, излаго аусурақәа ртәы ҳазхәыцуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ешба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аинвесторцәа Аҟәа аҳаирбаӷәаза ҩышықәса рыҩнуҵҟа ишьақәдыргылоит
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аинвестор ихарџь алоуп излашьақәдыргыло