Арадио

Бганба: агәамсам ақәгаразы амашьына ҷыда аахәахоит Гагра ақалақь азгьы

Аҟәа ақалақь иаҭан агәамсам еиҵазкәаҳауа иҷыдоу амашьынақәа ҩба. Урҭ раахәара шыҟалаз атәы Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит атәыла аԥыза-министр Валери Бганба.
Sputnik
Бганба: агәамсам ақәгаразы амашьына ҷыда аахәахоит Гагра ақалақь азгьы

"Атехника ҷыда злаахәо Урыстәыла Аԥсны ианаҭо ацхыраара аԥарақәа рыла ауп. Машьынак ф-миллион мааҭ инареиҳаны иаԥсоуп. Дара аагоуп "Коммаш" азауад ақалақь Арзамас иҟоу аҟнытә. Ахә иацҵаны иҳамшәеит. Амашьынақәа Аҟәа ақалақь азы ауп, ҳгәы иҭоуп Гагра ақалақь азгьы аахәара, дара агәамсам анагаагара адагьы, агәам еиҵаркәаҳауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ҳаџьымба агәамсам еизакырҭақәа рзы: рҭагылазаашьа акыр ибааԥсуп
  • Атепина: агәамсам аусеиҭадуларатә комбинат ргылахар ҟалоит