Арадио

Рабаиаԥҳа: атехнологиа ҿыцқәа абызшәа иаҳа имарианы аҵара алдыршоит

Москва, аҳәаанырцәтәи абызшәакәа рышкол аҿы аус зуа арҵаҩы Анжела Рабаиаԥҳа лыстудентцәа абызшәа шрыцааиуеи, ирымоу алҵшәақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит.
Sputnik
Рабаиаԥҳа: атехнологиа ҿыцқәа абызшәа иаҳа имарианы аҵара алдыршоит

"Аус зуеит атәым бызшәақәа рышкол аҿы, уа еиҿкааны иҳамоуп хаҭалатәи, гәыԥ-гәыԥлатәи, иара убас аскаипла аԥсуа бызшәа дырҵаразы акурсқәа. Аԥсшәа дырҵара 25 сааҭ аҵанакуеит. Еиҳарак иааиуа Москва инхо, аурыс студентцәа роуп. Аԥсуаа зынӡа имаҷуп. Урҭ ҳабызшәа, ҳкультура, ҳқьабызқәа, ҳаԥсабара згәаԥхо роуп. Уи анаҩстәи ҳаиҿцәажәарақәа рҟынтә еилыскаауеит. Ҳәарада, ирцәыцәгьоуп ҳабызшәа аҵара, аха ирҵоит, алҵшәагьы даара ибзиоуп. Алекциақәа раан схы иасырхәоит аинтерактивтә ӷәы, уи абызшәа дырҵараан даара иманшәалоуп, аамҭагьы уамак ақәурӡуам. Иара убас схы иасырхәоит акьыԥхьтә, аудиои авидеои, аклассикатә ҵаратә метод ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәарала абызшәа аҵара иаҳа ирмарианы азнеира алшара ҳнаҭоит", - ҳәа азгәалҭеит Рабаиа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Кәакәасқьыр: финансла - абызшәа ахаҵгылара аиуроуп, цәажәарала мацара акәымкәа
  • Габлиа абызшәа онлаин аҵара иазкны: аҭырқәа-аԥсуа курс ацаҳҵеит