Арадио

Нанба алхратә агитациа иазкны: зынӡа ихазыноуп узҳәом

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Закан Нанба арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы алхратә компаниа ахәшьара аиҭеит.
Sputnik
Нанба алхратә агитациа иазкны: зынӡа ихазыноуп узҳәом

"Алхрақәа зынӡак ицырцыруа иааиуеит узҳәом. Аҳәынҵәеиқәҭәара уиаҟара ыҟам, аха ҳкандидатцәа рцәажәашьа хәыҷык еиӷьзар иаҳа пату ақәысҵон. Ауаа ԥшрала ишеиԥшым еиԥш рполитикатә зыҟаҵашьагьы еиԥшым. Иахьа адунеи аҟны зегь ҳахәаԥшуеит, ҳԥышәара, ҳалхрақәа рцашьа гәарҭоит. Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы ицо рыԥсшәа иаҳа иҳаракызар сҭахын, рыуаҩышәареи рыԥсшәеи аԥхьа игылазар сҭахын. "Уара арҭ аҳәынҭқарра аргылашьа зегьы еиԥшны уиаҟара ирзымдыруазаргьы, шаҟа иҟәышны ацәажәашьа иақәшәо" ҳәа инаԥшуа абас ҳзырҳәо иҟазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыхә анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • АКХ 4500 биуллетен аҳәаанырцә иашьҭуеит ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы
  • Аԥсны АКХ: алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ абжьыҭаразы арзаҳал алаҵатәуп нанҳәа 24 рҟынӡа