Арадио

Ҳагба алхрақәа рзы: аполитикатә культура аганахьала раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҳҵоит

Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны алхратә агитациа, аполитикатә еиндаҭлара ахәшьара аиҭеит.
Sputnik
Ҳагба алхрақәа рзы: аполитикатә культура аганахьала раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҳҵоит

"Аиашазы, инаӡаны аполитикатә культура иақәшәо алхра мҩаԥысуеит ҳәа сҳәаӡом, аха иаартынгьы аҳәынҵәа еиқәырҭәо, ихәымгоу аполитикатә процесс иадҳәалоу азнеишьақәа зегьы Аԥсны иҟоуп ҳәагьы азгәасҭом. Алхрақәа раан раԥхьа ӷәӷәала иааԥшуа аполитикатә культуроуп, уи аганахьала аԥсуа жәлар раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, ҳаԥхьаҟа иӡбатәны ишьҭоу азҵаарақәа рацәоуп. Аполитикатә, азинтә культура инақәыршәаны зыҩаӡара ҳараку аҳәынҭқарра ашәага-загақәа ҳрықәшәоит ҳәа сҳәом, аха уи аганахьала иӷәӷәоу ашьаҿақәа ҟаҵоуп уҳәар алшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: