Арадио

Ҳараниаԥҳа Cross Fit Sukhum аицлабрақәа рзы: иџьаҳшьеит аҭыпҳацәа алахәхарц анырҭахха

Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аусзуҩ Кама Ҳараниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥгаз аицлабрақәа рылҵшәақәа ртәы. Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны ахьԥшымра азхаҵара иазкны Cross Fit Sukhum 2019 азы аицлабрақәа мҩаԥысит Аҟәа.
Sputnik
Ҳараниаԥҳа Cross Fit Sukhum аицлабрақәа рзы: иџьаҳшьеит аҭыпҳацәа алахәхарц анырҭахха

"Cross Fit Sukhum 2019 адунеи аҟны еицырдырхьоу аҽаршьцыларақәа ркомплекс ауп, ҳара ҳтәыла аҟынӡагьы иааит, иаартны иҟоуп ацентр. Уаҟа аҩнуҵаҟа аицлабра маҷқәа мҩаԥыслон, аха иаартны мҽхакы ҭбаала раԥхьатәи ԥышәак аҳасабала уажәоуп аҿари аспорти рзы аилак ианеиҿнакаа. Аицлабрақәа қәҿиарала имҩаԥысит ҳҳәар ҳалшоит, 30-ҩык алахәын. Дара ҩымчыбжьа иалагӡаны рырзаҳалқәа аарышьҭуан. Иҟоуп аицлабра иалахәхәоит ҳәа зыҽҭаҩҩны мап зкызгьы, избанзар аҽаршьцыларақәа иааизакны хәба ыҟан, хазы-хаз ицәгьамзаргьы, еишьҭаргыланы рыҟаҵара зегьы ирылшом. Иҟан абарбал аарҳәра, 50 кьыла ахьанҭара рыбӷа иқәҵаны аҩра, шә-кьылак иҟаз ампыл аршәра, 17 кьыла иҟаз агантель ашьҭыхра. Ари зегьы аныҟарҵоз аамҭа гәарҭон. Арҭ аицлабрақәа аҭыԥҳацәагьы рхы алархәразы агәаҳәара аадырԥшит, аҵыхәтәаны лхы алалырхәит аӡәы- Сабина Партанаӡе, лгәымшәаразы иҭабуп ҳәа ласҳәар сҭахуп. Лара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара лҵоит абҩарҵәыра афакультет аҟны. Лара зегь раасҭа игәымшәоу алахәыла ҳәа далкаан. Мурман Чкотуа- ахԥатәи аҭыԥ, аҩбатәи Саид Матуа- аҩбатәи аҭыԥ ааныикылеит, Рамин Еныкь актәи аҭыԥ игеит", - лҳәеит Кама Ҳараниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: