Ахада иалхра: Аԥсны абжьыҭарақәа шымҩаԥысыз

Sputnik

Шьыжьнаҵы ауаа алхрақәа рахь ааира иалагеит, ҭыԥқәак рҿы агәаранқәагьы ыҟан.

Уажәтәи абиуллетенқәа рҟны ахадарахьы акандидатцәеи ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатцәеи рбиографиақәа анӡам. Аха урҭ ирызку адыррақәа алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны икыдуп.

Алхратә процесс аиҭакрақәа алагалан: анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылар акәын. Абиуллетенқәа рҟны иарбан акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбан аграфа "зегьы сырҿагылоуп". Атәылауаҩшәҟәы аҟны абжьыҭаразы аштамп ықәдыргылон.

Аԥсны ахада иалхрақәа раан алхырҭатә ҭыԥқәа аркуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартын асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 125 нызқь иреиҳауп.

 

 

Ртәылауаҩратә уалԥшьа нарыгӡеит ахадарахьы акандидатцәагьы. Урҭ зегьы алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы иааины, рыбжьы арҭеит. Урҭ ргәалаҟара шыбзиаз, ажәлар алхра иаша шыҟарҵо азы агәыӷра шрымоу рҳәеит.

Аԥсны ахада иалхрақәа ирхылаԥшуеит 60-ҩык инареиҳаны жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугансктәи жәлар рреспублика, Германиа, Австриа, уб.егь.

1 / 20
Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны, иара убас Москвеи Черкесски, Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ официалла иаартымызт.
2 / 20
Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны икыдҵан ахадарахьи ахада ихаҭыԥуаҩрахьи акандидатцәа равтобиографиақәеи, рфотосахьақәеи.
3 / 20
Алхыҩцәа рсиақәагьы кыдын.
4 / 20
Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны кандидатцыԥхьаӡа анаԥшыҩцәа ыҟоуп, урҭ абжьыҭара ацашьа иахылаԥшуеит, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара анырҵоит.
5 / 20
Алхратә процесс аиҭакрақәа алагалан: анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылар акәын. Абиуллетенқәа рҟны иарбан акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбан аграфа "зегьы сырҿагылоуп".
6 / 20
Алхҩы ибжьы маӡала иаиҭоит. Уи иҷыдоу ауадаҿы ибиуллетен хаирҭәаауеит, уи ашьҭах аурна иҭеиҵоит.
7 / 20
Шьыжьнаҵы ауаа алхрақәа рахь ирацәаҩны иааит.
8 / 20
Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 125 нызқь иреиҳауп.
9 / 20
Аԥсны ахада иалхрақәа ирхылаԥшуеит 60-ҩык инареиҳаны жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.
10 / 20
Акандидатцәа рганахьала анаԥшыҩцәа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара гәарҭоит иҷыдоу аԥхьаӡагақәа рыла.
11 / 20
Рҭаацәа ирыцны иаауан ахәыҷқәагьы.
12 / 20
Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны агәаран ыҟан.
13 / 20
Аҟәа атәылауаҩ инапаҿы ирҭоит абжьыҭаразы абиуллетен.
14 / 20
Ахадарахьы акандидат ажурналистцәа аинтервиу риҭоит.
15 / 20
Ақалақь атәылауаа рыбжьы арҭоит.
16 / 20
Аԥсны аус ауеит анҭыҵтәи алхратә комиссиа агәыԥ.
17 / 20
Анҭыҵтәи аурнақәа рхархәарала зықәрахь инеихьоу, ахымхәацәа, аиарҭа иамоу ачымазцәа рыбжьы арҭар рылшоит.
18 / 20
Москва иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҟны алхратә комиссиа ахаҭарнак алхҩы итәылауаҩшәҟәы амҳәыр ааирхоит.
19 / 20
Аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50%-и даҽа бжьыки зауз акандидат.
20 / 20
Алхыҩцәа шьыжьнаҵы активла алхырҭатә ҭыԥқәа рахь иаауан. Зхәыҷқәа зманы иаазгьы рацәаҩын.