Арадио

Цыгәба: алхрақәа рыҽны доусы изин ауп абжьы аҭарахь инеира, аха иагьуалԥшьаны исыԥхьаӡоит

Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩы Виачеслав Цыгәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа крызҵазкуа хҭысны ишыиԥхьаӡо.
Sputnik
Цыгәба: алхрақәа рыҽны доусы изин ауп абжьы аҭарахь инеира, аха иагьуалԥшьаны исыԥхьаӡоит

"Уажәтәи алхрақәа иналукааша хҭысны иҟоуп аполитикатә зеиԥштә ԥсҭазаараҿы, жәҩык акандидатцәа ықәгылоуп, аиԥыларақәа мҩаԥысуеит. Алхрақәа рыҽны доусы изин ауп абжьы аҭарахь инеира, иагьуалԥшьаны исыԥхьаӡоит. Ари хҭыс дууп, хәышықәса рыҩныҵҟа Аԥсны напхгара азҭало ауаҩы далаҳхуеит. Ажәлар активра аадырԥшыроуп, ус иҟан еснагь, иҟалоит уажәгьы. Ус сақәгәыӷуеит. Ауаҩы алхырҭатә ҭыԥ аҿы днеины игәаанагара иҳәароуп. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа раасҭа Аԥсны ианакәзаалакгьы иаҳа активла аполитикатә хҭысқәа рҿы рхы аадырԥшуан. Ус еиԥш иҟан аибашьра ашьҭахьтәи жәлар реизара адепутатцәа аналаҳхуаз, атәыла ахада даналаҳхуаз, усҟан аҭагылазаашьақәа шыуадаҩызгьы ажәлар активра аадырԥшуан еснагь", - ҳәа азгәеиҭеит Цыгәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ҳагба алхрақәа рзы: аполитикатә культура аганахьала раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҳҵоит
  • Нанба алхратә агитациа иазкны: зынӡа ихазыноуп узҳәом