Арадио

Ашәба Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы: абри мшызаҵәык азы иаԥсан анхара

Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аҩҳәынҭқаррак рзы ҵакыс иамаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" ахантәаҩы Нугзар Ашәба.
Sputnik
Ашәба Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы: абри мшызаҵәык азы иаԥсан анхара

2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит Аԥсны ахьыԥшымра.

"Абри мшызаҵәык азыҳәан, уаҳагьы аԥсҭазаара уа инҵәозаргьы, иаԥсан убри амш аҟынӡа анеира. Ҳәарада, абарҭ аусқәа зегьы Урыстәыла даараӡа рхаҟны инаганы, агәаӷьра дуӡӡа ҟаҵаны Урыстәыла ахада, усҟантәи аԥыза-министргьы еицәажәаны, еицҿакны иҟарҵаз усуп. Сара уи ашьҭахь исыман аҭагылазаашьа, Путингьы Медведевгьы азҵаара рыҭара "абас ақәҵара аншәыдышәкылоз, Урыстәыла акәша-мыкәша иҟоу, адунеи зегьы аҿы Урыстәыла ахаҿра арӡаразы ашәарҭара абанӡашәымаз" ҳәа. Иара дагьызымхәыцкәа аҭак ҟаиҵеит: 1917 шықәса рзы Урыстәыла иҟаз ареволиуциа иазааигәан ҳәа. Ари агәаӷьра рацәа аҵан, аха анаҩс Урыстәыла ажәларбжьаратәи реиҭанеиаараҿы Анцәа иҟынтә џьаргьы ирнымԥшӡеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.       

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.