Арадио

Ҳагба: аҳәынҭқарра ахьыԥшымра, асуверенитет аиура, еснагь хҭыс дуӡӡак иадҳәалоуп

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара анаиуз аамҭазы Урыстәыла напхгара азҭоз реиԥш иахагыламызҭгьы, ус еиԥш шалмыршахоз.
Sputnik
Ҳагба: аҳәынҭқарра ахьыԥшымра, асуверенитет аиура, еснагь хҭыс дуӡӡак иадҳәалоуп

"Абас еиԥш Урыстәылатәи Афедерациа ахадацәа ыҟамызҭгьы Владимир Путини Дмитри Медведиви реиԥш Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амаиур алшон. Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра, асуверенитет хҭыс дуӡӡак иадҳәалоуп. Уаанӡа хҭыс дук аԥсуа жәлар ирхыргеит, уи аибашьра акәын, уа аиааира ргеит, ирыларҳәеит зегьы ихьыԥшым аҳәынҭқарра шдыргыло. Азхаҵара амаӡамызт, акыраамҭа ирычҳауан, иара еиҳараӡак Урыстәыла. Акыр рҽазыршәахьан еинааларак роуазар Аԥсныи Қырҭҭәылеи ҳәа. Адипломатиа аус ауит, аполитикцәа аус руит, аха иамуит. Амилаҭ рԥеиԥш зыӡбо, еиҳарак ажәылара аныҟала Қырҭтәыла Уаԥстәыла аганахьала, уи иаанагоз убра ауп, ааха ду аиуан иара Урыстәыла ахаҭа. Балкан имҩаԥысуаз ахҭысқәагьы анырра анаҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара, уи ирацәаны Урыстәыла ақәыӷәӷәара азыруит Косово. Ус рҳәон адунеи жәларбжьаратәи аҳәынҭқаррақәа, ари даҽа хәҭак ала, аҽакы иреиԥшым ҳәынҭқарратә хҭысқәоуп ҳәа. Аха ас еиԥш апрецедент аныҟала, Урыстәылагьы уи иадыркылеит Уаԥстәылеи Аԥсныи", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.        

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Акыр ҳазыԥшын: Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса ҵуеит