Акосмостә ӷба "Союз МС-14" аробот "Федори" еиқәшәеит акосмостә станциаҿы

Акосмостә ӷба "Союз МС-14" аробот "Федори" еинырит Жәларбжьаратәи акосмостә станциаҿы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 27 — Sputnik. Акосмостә ӷба "Союз МС-14" ауаҩԥшра змоу аробот "Федори" еинырит Жәларбжьаратәи акосмостә станциаҿы.

РИА Новости ишаанацҳауа ала аинырра мҩаԥысит астанциа Китаи аҵакыра ианахаԥраауаз. Аробот астанциаҿы аус аулоит цәыббра 6 рҟынӡа, нас Адгьыл иазыхынҳәуеит.

Аракета-мҩангаҩ "Союз-2.1а" акосмос ӷба "Союз МС-14" Баиконурнтәи ишьҭыԥрааит нанҳәа 22 рзы. Ари 30 шықәса раахыс екипажда иԥрыз космостә ӷбоуп. Аӷбаҿ "космонавтс" иҟоу ауаҩԥшра змоу аробот "Федор" ауп. Аӷба амодуль "Поиск" аҽаднахалар акәын нанҳәа 24 рзы аха асистема аҽадхалара асигнал аиқәымшәара иахҟьаны усҟан аинырра залымшеит.