Украинатәи аӷба Урыстәыла амшынеиқәатә флот аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥыргоз инеиит

Урыстәылатәи аӷбақәа украинатәи арратә ӷба "Переяслав", Қырҭтәыла НАТО имҩаԥнагоз аҽазыҟаҵарақәа рҟынтәи имҩаԥыргон.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 27— Sputnik. Украина аԥшыхәратә ӷба маҷ "Переяслав" Урыстәыла амшынеиқәатә флот аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥыргоз инеиит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аканал UA.TV. адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Украинатәи арратә мшынмчқәа ркомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ Андреи Рыженко иажәақәа рыла аӷба уахь анеира азин аман, избанзар уи жәларбжьаратәи азин мап ацәнакуам.

Аӷба, қырҭтәыла имҩаԥысуаз НАТО аҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit — 2019 рҟынтәи иаауан. Урыстәылатәи аӷбақәа украинатәи арратә ӷба "Переяслав", Қырҭтәыла НАТО имҩаԥнагоз аҽазыҟаҵарақәа рҟынтәи имҩаԥыргон.

"Ҳара аҽазыҟаҵарақәа рзонахь ҳҭалеит аха уи ашьҭахь ҳамҩа ҳанымҵит. Азин ззыҟамыз мусҭак ҳамуит" ҳәа иҳәоит аполковник.

"Переяслав" —апроект 1824Б иатәу аԥшыхәратә ӷбоуп. Ахархәарахь инеиит 1986 шықәса рзы.

Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи рҟны игылоу Амшынеиқәатә флот аӷбақәа рҽазыҟаҵара амҩаԥгара иалагеит нанҳәа 19 рзы.