Арадио

Ԥлиаԥҳа абжьыҭаразы: "зегьы ирҿагылоу" ацәаҳәа сақәшаҳаҭым

Ҳажәлар рыҩнуҵаҟа алхрақәа рхатә ҷыдарақәа рымоуп, иара убас абжьыҭаратә бгьыц аҟны ацәаҳәа "зегьы ирҿагылоу" дақәшаҳаҭым ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аефир аҟны аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.
Sputnik
Ԥлиаԥҳа абжьыҭаразы: "зегьы ирҿагылоу" ацәаҳәа сақәшаҳаҭым

"Аԥсуаа ҳаҩныҵаҟа аҷыдарақәа ҳамоуп ҳхымҩаԥгашьаҟны, ҳаиҿцаарақәа рҟны. Сара ҭҵааҩык иаҳасабала даара исҭахуп аԥсуаа рполитикатә дунеихәаԥшышьа иҵегьы иҳаракны, абжьыҭарақәа раан иалырхуа дсыуоуп, ҳаигәылацәоуп, аус ицаауан акәымкәа, ари ибарҭоуп  Аԥсынра аԥхьаҟа ишыҟалаша, иҟаҵатәу идыруеит ҳәа азгәарҭаларц. Абас ҳазнеиуа ҳаныҟала, хымԥада, алхрақәа аамҭа цацыԥхьаӡа еиӷьхоит", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит дшақәшаҳатым абжьыҭаратә бгьыц аҟны зегь мап рыцәкра ацәаҳәа.

"Иҟоуп аҳәынҭқаррақәа акандидатцәа зегьы мап рыцәкра  ахьыҟоу, иҟоуп абжьыҭара умнеир лахь ахьурҭо. Ҳара ҳашьццылам абжьыҭарақәа рахь имаҷыҩны ажәлар рнеира. Уажәтәи алхрақәа рҟны зқьи фышә  инацны бжьы ибжьырхыз ршьапы иқәмаркьыскуа аӡәы ма ҩы џьа ӡырнагар ауан. Даара исҭахуп апарламент иалоу рхы неилакны абри ацәаҳәа ықәыргарц. Уи ацәаҳәа аус ауазҭӷьы абжьыҭара ҽакала  имҩаԥысыргьы ҟалон", - лҳәеит  Ԥлиаԥҳа.

Нанҳәа 25 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысит. Абжьыҭараан 1677 –ҩык  алхыҩцәа акандидатцәа зегьы мап рыцәкра  ацәаҳәа алырхит.