Арадио

Џьопуа аҷандаратәи ажрақәа рзы: анхаҩы ашәындыҟәра имыԥшаазҭгьы, ҳазыхынҳәуамызт

2018 шықәса ажьырныҳәа 31 рзы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа анхаҩы Русҭам Чхабелиа игәараҭаҿы аусурақәа рымҩаԥгараан ажәытә жырҭа ибеит. Иахьа уи аҭыԥаҿ аԥсуа рхеологцәа еиҭа аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа.
Sputnik
Џьопуа аҷандаратәи ажрақәа рзы: анхаҩы ашәындыҟәра имыԥшаазҭгьы, ҳазыхынҳәуамызт

"Ҳара уажәы иацҵаны иҭбааны иҳаԥшааит излакьысымкәа иҟаз ажрақәа . Уи аган аҿы ишьҭан аџьазтә ваза. Иара еиқәханы иҟан, анаҩс иаабеит аҭыԥантәи аҟәџьал, уигьы аганахь ишьҭан. Еиҭа аҵәҵәа хәыҷқәа, ахҿақәа, ажәакала, усҟан иԥшааз аибашьҩы ӷәӷәа ишьҭақәа зегьы роуп уажәы иаҳбазгьы. Амаҭәарқәа зегьы ахәбатәи ашәышықәса ҳера ҟалаанӡахьы иаҵанакуеит", - ҳәа азгәеиҭеит           

Уи ахәы имаҷымкәа иҭаҳҵаахьан, аха ҳшақәымгәыӷӡоз 2018 шықәса рзы иԥшаан акыр зҵазкуа аԥшаахқәа. 

"Уи аҭыԥаҿ жәохә шықәса раԥхьагьы ҳажхьан, ҳаԥхьа Алик Габелиа, уи иаԥхьа Михаил Гәымба. Уи ахәы имаҷымкәа иҭаҳҵаахьан, аха абас еиԥш иҟоу аԥсыжра ахықә аҟны агәҩара ахьҳамамыз, ҳнапы ахьымнаӡаз аҭыԥ аҟны ауп иахьыԥшаахаз амал. Аиашазы уи аԥхьа, уаҟа аԥхьаҟа ҳәа ажрақәа рымҩаԥгара ҳаплангьы иаламызт, ҳагәгьы иҭамызт", -ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.