Арадио

Ҳашыг ажурналист Вышински иоужьразы: машәырны ишыҟамлаз еилкаауп

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа азиуит ажурналист Кирил Вышински ихы иақәиҭтәразы Киев ирыдыркылаз аӡбамҭа.
Sputnik
Ҳашыг ажурналист Вышински иоужьразы: машәырны ишыҟамлаз еилкаауп

РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински Киев даанкылан лаҵара 15, 2008 шықәсазы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵон, уи азы 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара иқәшәон.

"Украина аиҳабыразы, аусӡбаратә системазы ихҭыс бзиахон абри амцхәыцра шьаҭас иҟаҵаны ахара идырҵаз шиашам азхаҵаны зынӡаск ихы дақәиҭуп ҳәа рыларҳәазҭгьы. Ас иҟалазҭгьы ииашахон, анаҩстәи Украина амчрақәа рзы ауаҩы дзықәгәыӷхаша хҭыс бзиоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшон.Уажәы ахара идушәа идымшәа, иҭакра аҩынтәи аҭагылазаашьахь ииагшәа иҟарҵаз ибжамҽаму қәҵароуп", - иҳәеит Ҳашыг.

Кирилл Вышински киевтәи аӡбарҭа аҟнытә ихы дақәиҭиртәит

Иара иазгәеиҭеит ажурналист дахьыҟазаалак еснагь дзықәныҟәо ԥҟараны ишыҟоу ауаа ажәабжь рызнагара, иҟоу ахҭысқәа рзы ишиашоу аинформациа аҟаҵара ауп ҳәа. Аполитикатә шьаҭа зҭаны ажурналист идырҵо ахара, уи  аиҳабыра рыԥсыҽра ауп еснагь ишьақәнарӷәӷәо.

"Шықәсык еиҳаны ауаҩы ихақәиҭра имхра, ари, хымԥада, аҭакԥхықәра Украина аиҳабыра ирыдзаауеит, шаҟа заа еилкааны мап ацәыркуа, даргьы аукраин жәларгьы рзгьы еиӷьхоит", - иҳәеит Ҳашыг.

Иара иазгәеиҭеит ҿыц аҳәынҭқарра амчрахь инеиуа ишырзымариам уи аԥхьа иҟаҵаз агхақәа рырҽеира аҩнуҵаҟатәи ауаажәларратә гәаанагара уи ианзхиам, дара аполитикцәагьы ус еиԥш иҟоу афырхаҵара анаадмырԥшуа.

"Ари машәырны ишыҟамлаз еилаҳкаауеит, хымԥада. Иҟалап ахәынҭқаррақәа рыбжьара иҟоу аҭагылазаашьа аҽаԥсахырц алшома ҳәа иҟоу азҵаара иахьатәи ахҭыс иманшәаланы ианыԥшыр, анаҩстәи ашьаҿақәа ҟалар, хымԥада уи Вышински изгьы ибзиахоит, ах әынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рзгьы аҳауа еиӷьхоит, аиҿцәажәарақәа рылагаразы аҭагылазаашьа бзиахоит",-  иҳәеит Ҳашыг.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Кирилл Вышински киевтәи аӡбарҭа аҟнытә ихы дақәиҭиртәит
  • Аӡбарҭа Вышински иаанкыларазы ашшра ахәаԥшра аҿҳәара инахеит аӡбаҩ ичымазара иахҟьаны