Арадио

Ԥлиаԥҳа: Нанҳәа аишәа аргылараан афатә агьама анубо азы аивгарақәа ыҟоуп

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩ Мадонна Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭалҳәеит.
Sputnik
Ԥлиаԥҳа: Нанҳәа аишәа аргылараан афатә агьама анубо азы аивгарақәа ыҟоуп

"Нанҳәа аишәа аргылараан аҿамаҿа адыргалоит. Аишәа иқәу уалакьыср ҟалаӡом аамҭа аиаанӡа. Раԥхьа агьама збо аишәа зыргылаз лоуп. Аишәа рхианы ианыҟалҵалак ашьҭахь сааҭбжак аҟара иазыԥшуеит. Аишәа аҟны ауаа антәо еиԥш ачанахқәа ықәдыргылоит, ари шәара ишәтәуп ҳәа рыхьыӡқәа ҳәаны. Уи ашьҭахь досу рыхәҭаа роуит ҳәа анырԥхьаӡалак, аишәа зыргылаз агьама лбоит. Анаҩс егьырҭ аҩны иҟоугьы иралҳәоит агьама рбарц. Абри аишәа аргылараан агьама абаразы маҷк аимакқәа ыҟоуп: џьоукы агьама батәуп раԥхьа ахәы анықәдыргыла ҳәа рыԥхьаӡоит, даҽа џьоукы аҵыхәтәаноуп агьама анубаша рҳәоит. Иара убас Нанҳәанӡа аҿбаара иҵоуп, џьара ныҳәарақәак рымазаргьы уи аамҭазы иҟарҵаӡом, урҭ Анцәа иҟынӡа инеиӡом ҳәа ԥхьаӡаны", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.