Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Ҟабарда-Балкариа атерракт аԥнарҟәҟәааит

Аконтртеррористтә операциа мҩаԥган Ҟабарда-Балкариа, Урвантәи араион иатәу аиланхарҭақәа Чернаиа речка, Алтуд рҟны нанҳәа 29 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Ҟабарда-Балкариа атеррористтә акт аԥырҟәҟәаан, иара аззырхиоз атеррорист даанкылан. Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аоперативтә информациа аус адулараан Ҟабарда-Балкариа, Урвантәи араион иатәу аиланхарҭақәа Чернаиа речка, Алтуд рҟны иԥшаан аҵәахырҭа – ахархәара иазырхиаз арԥжәагақәа ҩба ҭаны", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Арԥжәагақәа аҭыԥ аҟынтәи рахыгара ашәарҭара ахьацыз инамаданы иара уа иртҟәацын.

Абри ашьҭахь аамҭақәак рыла даанкылан арҭ арԥжәагақәа ҟазҵаз ахаҿы. Иара аҭыԥантәи ауаҩԥсы уаанӡагьы атерроризм азы иус рыӡбахьан.

Ахаҵа ахара ихы иадиҵеит, иҳәеит "азинхьчаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи робиектқәа рганахьала адиверсиа-террористтә акт мҩаԥигараны дшыҟаз".

Уажәы ашьақәыргылара иаҿуп даҽа террористтә еиҿкаарақәак дрыдҳәалазу дрыдҳәаламзу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: