ЕАА апровинциа Идлиб иалахысит

Нанҳәа 31 азы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи раԥшьгамҭала шьамтәылатәи ар ганкахьала адеискалациа азонаҿ ахымца ааннакылеит. Абри азы адырра рыҭан аимак алахәылацәа зегьы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Вашингтон, Москвеи Анкареи адырра рымҭакәа, уаанӡатәи аиқәышаҳаҭрақәа зегьы еилаганы, аҳауатә жәылара мҩаԥнагеит апровинциа Идлиб иаҵанакуа аиланхарҭақәа Маарет-Мисрини Кафер-Хаиеи ирықәкны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Америка ажәылара ахьымҩаԥнагаз аиланхарҭа ҭыԥқәа рҿы аԥсыҭбарақәа рацәоуп, ахыбрақәа жәпакы еилажьуп", - ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

Еиҿагыло аганқәа реиныршәаразы урыстәылатәи Ацентр адыррақәа рыла, америкатәи аган аҳәамҭа ҟанаҵеит ажәылараан анапхгараҭаратә гәыԥ нырҵәан ҳәа. Уи америкатәи ауааԥсыра рзы ишәарҭан.

Нанҳәа 31 рзы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи раԥшьгамҭала шьамтәылатәи ар ганкахьала адеискалациа азонаҿ ахымца ааннакылеит. Абри азы адырра рыҭан аимак алахәылацәа зегьы.

"Еиду аштатқәа рхымҩаԥгашьа аинышәаратә ҭагылазаашьа ҵыршәааит. Ус шакәугьы, шьамтәылатәи ар аҭак ҟарымҵеит", - ҳәа азгәарҭеит аминистрраҿы.

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара ахы акит 2011 шықәса рзы. 2017 шықәса рзы атеррористә еиҿкаара "" иаиааииуп ҳәа рыларҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: