Икаҳаз аҳаирплан аԥрыҩцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит

Аҳаирплан  Су-25 Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы икаҳаит цәыббра 3.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Арҵага ҳаирплан Су-25, Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы икаҳаз, иахькаҳаз аҭыԥ аҿы ирԥшааит аԥрыҩцәа рыԥсыбаҩқәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, иҭахаз аԥрыҩцәа рҩыџьагь аҳаирплан ааныжьра иахьымӡеит. Дара рыԥсыбаҩ х-метрак рҟынӡа анышә иҵалаз аҳаирплан акабинаҿ ирбеит.

Арыцҳара аҭыԥ аман аҩаша, цәыббра 3 рзы. Су-25УБ боекомплектда иԥыруан. Икаҳаит Буденновск 38 километра инацәыхараны. Аҳаирплан адгьыл ианықәҳа иԥжәеит.