АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Археологиатә музеи аԥҵахоит Кремль 14-тәи акорпус аҵаҟа ирбаз Михаил Архангел Иссирра ауахәама ашьаҭа ацәынхақәа рҟны.
Апроект "ибзиоуп" ҳәа ахырҳәааит Урыстәыла аҳәынҭекспертиза хада.
Аиҿкаара асаит аҟны ишаҳәо ала, апроект инақәыршәаны амузеи адгьыл аҵаҿтәи актәи аихагылаҿы аҩналарҭа, амаҭәакнаҳарҭа, ахьчаҩцәа рҭыԥ, амаҵзуратә уадақәа ҟалоит, аҩбатәи аихагылаҿы - амузеи азали ахолли, амультимедиатә еиқәыршәареи, атехникатә зонақәеи. Акомплекс азеиԥш ҭбаара 1,5 нызқь метр ԥшьыркца иҟалоит. Иазгәаҭоуп азал хада адашьма саркьалыххоит.
Амузеи ахь аҩналарҭатә павильон адекоративтә ҵиаақәа рыла ирԥшӡахоит. Уи адагьы амузеиҵакыраҿ иазыԥхьагәаҭоуп ахаҳәцәы иалху амҩачаԥа, атротуарқәа. Амузеи аекспозициа шьақәгылоит археологиатә ԥшаахқәа рыла.
Амузеи аҭаара рылшоит 20-ҩык иреиҳам агәыԥқәа, аекскурсавод дрыцны.
Административтә 14-тәи акорпус ргылан 1932-1934 шықәсқәа рзы Спассктәи агәашәқәеи Сенаттәи ахани рыбжьара. Ауахәама рбган 1929 шықәса рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Очамчыратәи аԥшаах иану аҩыра абызшәа шьақәдыргылеит
Еџье Ҭраԥшьԥҳа: раԥхьатәи аԥшаах збеит сабдуцәа ахьҭыҵыз Анхәа ақыҭаҿы
Ҟаитан Гал иԥшааз аҭоурыхтә ргыларазы: ихьчамзар, иаанханы иҟоу бгар алшоит