АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Урыстәыла аҳәаа иаԥну абиолабораториақәа раартра инадҳәаланы аҭагылазаашьаа ауадаҩра аҵоуп, ашәарҭара иахьынӡалшо иаԥаҳхуеит ҳәа ҳшаҿугьы лҳәоит Роспотребнадзор ахада Анна Попова.
"Урыстәыла аҳәаа иаԥну абиолабораториақәа раартра инадҳәаланы аҭагылазаашьаа уадаҩра амоуп, ашәарҭара ацуп. Ҳара ҳазыхиоуп урҭ ршәарҭара иахьынӡалшо аԥыхра ма аларҟәра", - ҳәа Роспотребнадзор ахада Анна Попова лажәақәа аанагоит РИА Новости.
Урыстәылатәи аган изныкымкәа Пентагон амедицина-биологиатә лабораториақәа урыстәылатәи аҳәаа иацәыхарамкәа раартра иақәыӡбахьан. 2015 шықәса рзы Урыстәыла ААР Қарҭ ақалақь амҵан иаадыртыз, Лугара ихьӡ зху ауаажәларратә гәабзиарахьчара Аҭҵаарадырратә центр азҵаара шьҭнахит, абри амедицинатә усбарҭаҿы ЕАА аршьаҟауаа рыҟәша амедицинаҭҵааратә лабораториа аус ахьауазы.
Москва агәаанагарала, америкатәии қырҭтәылатәии амчрақәа ари аҭыԥ ахықәки уа иҟаҵәҟьои акыр идырмаӡоит ҳәа. Ақырҭуа ган арҭ ашәарақәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иршьоит.