АҞӘА, цәыббра 4– Sputnik. Росрыболовство анаплакыҩцәа ирнаҭоит алшара Амшынеиқәаҿ дорада ааӡаразы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Амаҵзура аинтервиу азҭаз Росрыболовство ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Пиотр Савчук иҳәеит аусбарҭа ишагәҭаку апроект анаплакыҩцәа радыԥхьалара.
"Ҭырқәтәыла қәҿиарала иаадрыхуеит аԥсыӡжәлақәа: сибас, дорада. Ҳаргьы иҳагәҭакуп дорада Амшынеиқәаҿ ааӡара. Ҳнаплакыҩцәак Адгьылбжьаратә мшын апроектқәа аԥара рзоурыжьит. Уоуп ари аԥсыӡжәла ахьуԥыло. Уажәы ҳара урҭ рырхынҳәра ҳашьҭоу. Аԥсыӡкыҩцәагьы ҳапроект аинтерес рымоуп", - иҳәеит иара.
Дорада – Адгьылбжьаратә мшын аҿоуп иахьуԥыло. Зны-зынла иубар алшоит Атлантикатә океан аҿгьы. Иҟалалоит Амшынеиқәа аӡқәа рахь иҭалалогьы.