АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Аштат Гунтур аокруг Андхра-Прадеш аҟны инхо, 74 шықәса зхыҵуа аиндиа-ԥҳәыс Ерраматти Мангаиамма аекстракорпоралтә ӷьаркра ашьҭахь ҩыџьа ахшара еицлоуит. Абри атәы аанацҳауеит аҭыжьымҭа Hindustan Times.
"Аоперациа маншәаланы имҩаԥысит. Ангьы лыхшарагьы рҭагылазаашьа бзиоуп", - иҳәеит аҳақьым Санакаиала Умашанкар.
Ари ахҭыс далацәажәо Умашанкар иҳәеит Мангаиамма лышықәс акыр ишхыҳәҳәахьазгьы, проблема лымамызт ҳәа.
"Сгәы иаанагом ахшароура ашьҭахьгьы проблемак лызцәырҵып ҳәа. Ус шакәугьы, ахәыҷқәа агәыԥҳәыхш роуам. Уи уажәазы иуадаҩраӡам, ахәыҷқәа рыфатә ҷыда рацәоуп", - иҳәеит иара.
Мангаиаммеи 80-шықәса зхыҵуа лхаҵа Раиа Раои еибагеит хәажәкыра 22, 1962 шықәса рзы. Аҵыхәтәантәи 57 шықәса дара ахшараиура акыр иазхьуан.
"Мангаиамма абри аметод лхы иалырхәарц лыӡбеит. Амедицинатә гәаҭарақәа дрыхҳажьит. Иарбанызаалак ԥынгылак лымамызт. Аекстракорпоралтә ӷьаркрала иаразнакы ахшара лцәа далашәеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит аҳақьым.
Уаанӡа, ахшара дзоухьоу иреиҳабу лакәны дшьан Индиатәи аԥҳәыс Омкари Панвар, 2008 шықәса рзы 70 шықәса данырҭагылаз ахшара длоуит.
Уи аԥхьа, Австралиа, 2016 шықәса рзы 63 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс раԥхьаӡа акәны ахшара длоуит. 2005 шықәса рзы Румыниа, 66 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс ахшара длоуит.