Арадио

Алхыҩ Инаԥшьба: алхрақәа рахь инеитәуп, адунеиаҿ ирбарц адемократиатә шьаҭа шрымоу

Цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур. Алхрақәа ирыдырҳәало ргәыӷрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит алхыҩ Даур Инаԥшьба.
Sputnik
Алхыҩ Инаԥшьба: алхрақәа рахь инеитәуп, адунеиаҿ ирбарц адемократиатә шьаҭа шрымоу

"Алхрақәа, ҳәарада, зегьы рхы рыладырхәыроуп. Еилкаауп, доусы ихатә гәаанагара имоуп, аха ихадароу уи акәым, дарбанзаалакгьы днеироуп алхарақәа рахь, адунеи аҿы ирбарц алхрақәа адемократиатә ҟазшьа аманы ишымҩаԥысыз. Сара хаҭала сыԥсҭазаараҿы акымзарак аҽеиҭанакӡом, зегьы шыҟац иаанхоит, аха зегь раасҭа ихадоу аҭынчра, аҳәоуеиқәшәара ауп. Иалырхлакгьы аҳәоуеиқәшәара ҟаланы аус еицырур ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Инаԥшьба.       

Шәазыӡырҩрла арадио Sputnik Аԥсны аефир.