Арадио

Кәарҷиа "зегьы ирҿагылоу" ацәаҳәа азы: џьара ацҵара злымшо гәаанагароуп

Азинҭҵааҩы Инна Кәарҷиаԥҳа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит.
Sputnik
Кәарҷиа "зегьы ирҿагылоу" ацәаҳәа азы: џьара ацҵара злымшо гәаанагароуп

Аҵыхәтәантәи заанаҵтәи аихшьаалақәа рыла Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа ашәахьаҽны, цәыббра 9 рзы.

Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа инарықәыршәаны Рауль Ҳаџьымба рыбжьы ирҭеит 47, 38% алхыҩцәа, Алхас Кәыҵниа 46, 19%. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит 3154 –ҩык алхыҩцәа.

Апартиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа алхрақәа рылкаақәа дрықәшаҳаҭым, аус аӡбарҭа иеиҭараны дыҟоуп.

"Зегьы ирҿагыланы зыбжьы азҭаз х-процентк ртәы ҳҳәозар, акандитатцәа рзы зыбжьы азҭаз рахь иаҵанкӡом. Иаҳҳәар ауеит абыжьқәа еиҳаны изауз иоуп ҳәа Аԥсны ахадас иԥхьаӡоу. Зегьы ирҿагыланы абжьаҭара уи гәаанагароуп, џьара ацҵара алшаӡом ҳәа сгәы иаанагоит. Мчыбжьык аԥхьа Алхратә комиссиа хадаҟны ус еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит ишыԥхьаӡатәу ҳәа. Аҩ-штабкгьы уи аҩыза аӡбамҭа иадгылеит. Ари азҵааразы аҵыхәтәантәи ажәа зҳараны иҟоу здызкыло Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ауп. Азакәанԥҵаҩцәа роуп изхароу азакәан азҵаарақәа анцәырнаго , иара ирыдыркылаз арҽеира 19 –тәи ахәҭаҷ аҟны ааигәоуп ианрыдыркыла, инагӡаны аус адулам ҳәа ҳҳәаргьы ҟалоит", - лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.