Арадио

Ԥлиаԥҳа алхрақәа рзы: алхыҩцәа раԥхьа игылоуп- рполитикатә хдырра

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа азы арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит аполитолог, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аполитологиеи асоциологиеи ркафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа.
Sputnik
Ԥлиаԥҳа алхрақәа рзы: алхыҩцәа раԥхьа игылоуп- рполитикатә хдырра

"Даара иҳараку ахәшьара рыҭатәуп алхрақәа, избанзар ари аҩбатәи атур, аҩбатәи азнеишьа ауп. Даара патуеиқәҵарыла рхы мҩаԥыргеит ҳәа сгәы иаанагоит алхыҩцәа, аполитикатә хдырра аарԥшны. Рыбжьы зарҭаз анаҩсан, алхыҩцәа раԥхьа игылоуп рполитикатә дунеихәаԥшыра аҳаракыра. Даара агәыӷра аасырԥшыр сҭахуп маҷ-маҷ ҳашьццылар есхышықәса- есхәышықәса еиуеиԥшым алхрақәа шымҩаԥысуа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы агәыӷра аасырԥшыр сҭахуп, сгәаанагара иашахап ҳәагьы сгәыӷуеит, алхрақәа маҷ- маҷ ҳазнеиуа, иҳадаҳкыло ҳалагеит ҳәа", - азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла Алхас Кәыҵниа изы рыбжьы арҭеит 38 742-ҩык – 46,19%, Рауль Ҳаџьымба изы 39 741-ҩык – 47, 38%.

Зынӡа иааидкыланы цәыббра 8 рзы рыбжьы арҭеит 83 883-ҩык ауааԥсыра. Уи азеиԥш сиа ахыԥхьаӡараҟынтә иартәоит 65, 98%.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.