Арадио

Хапат: Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысыз агәахәара рнаҭеит

Аԥсны ауаажәларатә палата алахәыла Низам Хапат арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа Аԥсны алхрақәа рахь ирымаз азҿлымҳара шыҟац ишаанхо.
Sputnik
Хапат: Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысыз агәахәара рнаҭеит

"Хымԥада, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ргәы днархит алхрақәа уа рымҩаԥгара ахьалмыршахаз, аха Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирызҿлымҳан, алхрақәа аимак-аиҿак ада иахьеилгаз ргәы иаахәоит. Даргьы саргьы ҳгәаанагарақәа еиԥшуп, араҟа иаҭахуп аиҿцәажәара, аилкаарыла аус азнеишьа. Иҟалаз ҟалеит, алхрақәа Ҭырқәтәыла изымҩаԥысит, аха убри нахыс абас еиԥш аусқәа ҳрызҿлымҳазароуп, ианаамҭоу еиҿкаатәуп. Иаҳгәалашәоит, хәышықәса раԥхьа Сҭамԥыл шаҟа аџьааба рбаз алхрақәа рымҩаԥагаразы, аимак-аиҿакқәа ҳариааиуан", – иҳәеит Хапат.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.