Арадио

Ҳагба Аԥсны алхрақәа рылҵшәазы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбамҭа ашьҭахь, аус аангылароуп

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа ахәшьара аиҭеит.
Sputnik
Ҳагба Аԥсны алхрақәа рылҵшәазы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбамҭа ашьҭахь, аус аангылароуп

"Алхрақәа ирыман ирацәаны аиндаҭлара, аицлабра, уи иугәаԥхаша акәны иҟоуп. Аполитикатә қәԥара ҩныҵҟалагьы аибырххара аман, ус иҟазароуп. Амҩаҿы игыланы ҭаҷкәымла акәымкәа, азиндырра, аполитикатә культура ҳаракӡаны иаманы имҩаԥысит ҳәа уахәаԥшыртә иҟоуп. Алхрақәа рлыҵшәа акәзар, еилкаатәуп аоппозициатә мчрақәа иаадырԥшыз ргәынамӡара. Иахьа ииашан алҵшәақәа ҟаҵоуп ҳәа агәаанагара змоу ыҟоуп, уи иаҿагылоугьы иҟоуп. Уаанӡа ирыдкылан иҟан аиқәшаҳаҭра, абас еиԥш алҵшәа аиуроуп ҳәа. Аха ус еиԥш азҵаара цәырҵны ианыҟала Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь инеир ҟалоит. Аҳәынҭқарра адемократиатә формақәа ахьамоу ус еиԥш иҟалоит. Аха убарҭ аӡбарақәа аныҟарҵалак- уҽаанукылароуп, аӡбамҭа удукылароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳагба.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Рауль Ҳаџьымба Кәыҵниа алхрақәа реихшьаала дахьақәшаҳаҭым азы: азин имоуп
  • Алхас Кәыҵниа цәыббра 10 рзы алхрақәа рылҵшәазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь дашшуеит