Арадио

Ҭаниа еиҭеиҳәеит Иалта афестиваль аҿы аԥсуаа рықәҿиарақәа ртәы

Иалта имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль "Звездный путь" аҿы аԥсуа артистцәа иаадырԥшыз аихьӡарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ашәаҳәаҩ Ҭимур Ҭаниа.
Sputnik
Ҭаниа еиҭеиҳәеит Иалта афестиваль аҿы аԥсуаа рықәҿиарақәа ртәы

"Иалтаҟа ааԥхьара ҳаиҭеит Бедрос Киркоров. Афестиваль аӡбаҩс ашәаҳәаҩцәа рганахьала салахәын сара. Аестрадатә вокал аҟәшаҿы актәи аҭыԥқәа роуит Милена Камлиаԥҳаи, Асҭамыр Вартанови, аҩбатәи аҭыԥ даԥсахеит Альбина Кәыҵниаԥҳа, ахԥатәи аҭыԥ - Мариам Бжьаниаԥҳа. Ахореографиа аганхьала актәи аҭыԥ ранашьахеит Афон-ҿыц аҟынтә акәашаратә ансамбль "Анаҟәаԥиа". Дара роуп агала-концерт аартреи аркреи иаԥсахаз. Альбина Кәыҵниаԥҳа иналыгӡон Руслан Агәмаа иашәа, аԥсуашәа Милена Камлиаԥҳа. Гочеи сареи инаҳагӡон "Аҳаҳаи амарџьақәа" Оҭар Хәынҵариа иашәа, Анри Гәымба иҟаиҵаз аранжировка ала", – ҳәа азгәеиҭеит Ҭаниа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ансамбль "Анаҟәаԥиа" Иалтатәи афестиваль актәи аҩаӡара иалауреатхеит