ЕАР жәабранмза аахыс раԥхьаӡа акәны алагерь Рукбан ахь агуманитартә цхыраара наргеит

Шьамтәылеи Иорданиеи рҳәааҿ иҟоу алагерь Рукбан макьанагьы атеррористцәа ахылаԥшра арҭоит. Урыстәылатәи аруаа ишырҳәо ала урҭ напхгара рырҭоит ЕАА арратә гарнизон.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. ЕАР-еи Шьамтәылатәи Аџьар Ҟаԥшьи (SARC) жәабранмза аахыс раԥхьаӡа акәны алагерь Рукбан ахь агуманитартә цхыраара наргеит ахҵәацәа рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"ЕАР-еи SARC-и уажәы хынтәуп алагерь ахь агуманитартә цхыраара наргоижьҭеи. Аԥхьатәи аоперациа мҩаԥысит 2018 абҵарамзазы, аҩбатәи – 2019 шықәса жәабранмзазы", - ҳәа арбоуп арелиз аҿы.

Ацхыраара рыҭан 15 нызқьҩык рҟынӡа алагерь аҿы иҟоу ауааԥсыра.

Ет-Танфа иахьаҵанакуа Шьамтәылеи Иорданиеи рҳәааҿы игылоуп ЕАА арратә база. Рукбани иареи 55 километра рыбжьоуп. Арҭ аҵакырақәа ахылаԥшра азыруеит америкатәи аруаа.

28 нызқьҩык рҟынӡа ахҵәацәа алагер рзынмыжьуа, шасыс иҟоуп.