Арадио

Аполитолог: Урыстәыла адәныҟатәи аполитика Шьамтәыла аиааира агеит

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа азиуит Шьамттәыла аибашьра еилгеит ҳәа иҟаҵаз аҳәамҭа.
Sputnik
Аполитолог: Урыстәыла адәныҟатәи аполитика Шьамтәыла аиааира агеит

Шьамтәыла аибашьра "ииашацәҟьаны еилгеит" ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров агазеҭ "Труд" иаиҭаз аинтервиу аҟны. Атәыла аҭынч ԥсҭазаарахь ихынҳәуеит. Шьамтәылатәи арабтә республика аиҳабыра анапаҵаҟа иҟам хаз игоу адгьылҵакырақәа, иааугозар Идлиб, Евфрат аӡиас мрагыларатәи ахықә рҟны макьаназы аибарххарақәа ыҟоуп, - ҳәа азгәеиҭеит аурыс министр.

"Урыстәыла адәныҟатәи аполитика Шьамтәыла аганахьала аиааира агеит. Иазгәаҭатәуп убасгьы Асовет Еидгыла аҵакырадгьыл инҭыҵны Урыстәыла имҩаԥнагаз раԥхьатәи аоперациа шакәу. Аполитика, адипломатиа аиааира шагаз зегьы иазгәарҭоит, аха убри Башар Асад ишьақәиргылақәаз иполитикатә системаҟны ԥсахра амаиур ҟалом ҳәа азгәарҭоит", - иҳәеит аполитолог Ҳагба.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.