С-400 Ҭырқәтәылаҟа анагара аҩбатәи аетап хыркәшахоит

Урыстәылатәи азенит-ракетатә системақәа С-400 амаҭәахәқәа Ҭырқәтәылаҟа рнагара иалагеит нанҳәа 27 рзы ихыркәшахеит цәыббра 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 16– Sputnik. Урыстәылатәи азенит-ракетатә системақәа С-400 амаҭәахәқәа Ҭырқәтәылаҟа рнагара иалагеит нанҳәа 27 рзы ихыркәшахеит цәыббра 15 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ҭырқәтәыла атәылахьчаратә усбарҭа аҟны иҟарҵаз адыррақәа рыла С-400 амаҭәахәқәа нагоуп апровинциа Анкара аҳаиртә баӷәаза Миуртед ахь. Акомплекс аргылареи аусзуҩцәеи уи амаҵ аура дырҵареи иаҿуп. Акомплекс ахархәарахь инашьҭхоит 2020 шықәса мшаԥымзазы.

С-400 Ҭырқәтәылаҟа анашьҭразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2017 шықәса рзы. Аилаӡара ахәԥса иартәоит 2,5 миллиард доллар. С-400 "Триумф" иара убасгьы иаархәоит Китаии Индиеи.

С-400 аахәара иахырҟьаны Ҭырқәтәылеи Америкеи еиванагалеит. Вашингтон аилаӡара мап ацәктәуп уи ацынхәрас америкатәи акомплекс Patriot аашәхә ҳәа иқәгылеит, аха Ҭырқәтәыла уи мап ацәнакит.