Арадио

Ҳагба еиҭеиҳәеит агәыԥ Red Rocks ақәгылараҟны ахәаԥшцәа ирыднагало

Амузыкант, адаул асҩы Денис Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит агәыԥ Red Rocks ахәаԥшцәа ирыднагало.
Sputnik
Ҳагба еиҭеиҳәеит агәыԥ Red Rocks ақәгылараҟны ахәаԥшцәа ирыднагало

Цәыббра 20 асааҭ 19 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны агәыԥ Red Rocks ақәгылара мҩаԥысуеит.

"Ари (агәыԥ Red Rocks  азы-аред.) арок гәыԥуп, аха аконцерт аҟны аблиуз ауп инаҳагӡо. Агәыԥ аҟны хҩык ҳахәмаруеит: Ҭемыр Бибик абас гитара аирҳәоит, Алиас Думаа асоло анагӡаҩ, иара убас агитара аирҳәоит, сара адаулқәа рҟны сыхәмаруеит. Асас ҷыда ҳәа Ҭемыр Ҳагба далахәхоит аконцерт, убасгьы ҳҩыза Александр Циамриукгьы агитараҟны ашәак аирҳәоит. Ари аконцерт аҟны сааҭки бжаки ахәаԥшцәа ирыдаагало аблиуз композициақәа роуп, арок, аџьаз, апоп-музыка ҟалом, аҵыхәтәантәи ҳаҳаргьы ҳҭахым", - иҳәеит Ҳагба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.