Адлеиба Аҟәа ахақәиҭтәраз: Аиааира шаҳго ала лакҩакра ҳамамызт
© Sputnik
"Аҟәа ахақәиҭтәраз амчқәа ҳаман, алшарагьы ҳаман. Сгәы иаанагоит аоперациа ибзиангьы имҩаԥган ҳәа. Ҳара Ачадарантәи Аҳабла ҿыц ахь ҳалбаар акәын. Арациақәа рыла лассы-лассы иҳаҳауан зегьы рҽеибаркны еиқәҿыҭуа ажәылара шақәыркыз. Зегьы ҳахиан, аиааира шаҳго алагьы агәыӷра ҳацын. Алакҩакра ҳамамызт, шьҭахьҟа ҳгьежьып ҳәа ҳахгьы иҭамызт", - ҳәа аигәалаиршәоит Адлеиба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.