Ашьапылампыласыҩцәа Мамаеви Кокорини рхы иақәиҭыртәеит

Белгородтәи аобласт Алексеевтәи аӡбарҭа цәыббра 6 рзы Александра Кокорини Павел Мамаеви рхақәиҭтәразы ахашшаара иадгылеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Белгородтәи аобласт Алексеевтәи аӡбарҭа цәыббра 6 рзы Александр Кокорини Павел Мамаеви рхақәиҭтәразы ахашшаара иадгылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аишьцәа рдукат Иури Подалько аклуб "Зенити" Александр Кокорини аилаӡара рыбжьарҵеит ҳәа адырра ҟаиҵоит.

Александр Кокорини Павел Мамаеви ахәмарра азин рымырхыр алшоит

Мамаев иакәзаргьы уаанӡа дахьыхәмаруаз аклуб "Краснодар" аҿы дыхәмарлоит.

2018 шықәса жьҭаара ааба рзы иҟалеит адырра петербургтәи "Зенит" ажәылаҩ Александр Кокорини "Краснодар" ахьчаҩбжа Павел Мамаеви аҳҭнықалақь акаҳуажәырҭақәа руак аҿы ауаҩы дрыпҟеит ҳәа. Ирыпҟаз ауаҩы – Урыстәыла ахәаахәҭреи ааглыхреи рминистрра аусзуҩ Денис Пак, ахәшәтәырҭахь днаган.

Абри ашьҭахь даанкылан Кокорин иашьа аиҵыбгьы, абри ахҭыс далахәын ҳәа.

Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла арегламент ахәҭаҷ 10 инақәыршәаны, петербургтәи "Зенит" ажәылаҩ Александр Кокорини аклуб "Краснодар" ахьчаҩбжа Павел Мамаеви ԥхьаҟазы ашьапылампыл асреи астадионқәа рҭаареи рзы азин рымнахыр алшон. Уи адагьы, амбжьах-хымҩаԥгаразы ахәҭаҷ инақәыршәаны аколониаҿ быжьшықәса ахгара рықәшәар алшон.

Аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьақәа рыла ашьапылампыласыҩцәа рхы иақәиҭтәхар ҟалоит.