Путин: Шьамтәыла аиҟәшара залшом

Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран рхадацәа х-ганктәи аиԥылара мҩаԥыргеит Шьамтәыла аҭагылазаашьа алацәажәаразы. Асаммит мҩаԥысит цәыббра 16 рзы Анкара.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 17– Sputnik. Шьамтәыла аиҟәшара залшом иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран рхадацәа Таип Ердогани Хасан Роухании иареи х-ганктәи реиԥылараан.

"Ҳәарада агәҭынчымра узцәырнагоит Шьамтәыла аҩада-мрагыларатәи ахәҭаҿы аҭагылазаашьа. Ари араион аҿы ашәарҭадара апроблема егьырҭ араионқәа зегьы рҿеиԥш атәыла асуверинитети аҵакырадгьылтә акзаареи ирықәныҟәаны иӡбатәуп. Шьамтәыла аиҟәшара шыҟамло аилкаара ҳацәхьамҵыроуп" ҳәа Путин иажәақәа еиҭанаҳәоит RT.

Иран ахада Хасан Роухани иакәзаргьы иазгәеиҭеит Шьамтәыла аҵакырадгьылтә акзаарашус хадоу.

"Шьамтәылатәи азҵаара аганахь алаҳзеиԥш принципқәа еиҭашьақәырӷәӷәатәны сахәаԥшуеит. Шьамтәыла акзаара аиқәырхара, амилаҭтә суверинитети ахьыԥшымреи ҳаҭыр рықәҵара, аҩныҵҟатәи аусқәа ахрыламгалара – абарҭ роуп ҳара принципқәангьы ҳзықәныҟәо", - иҳәеит Роухани.

Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран рхадацәа х-ганктәи аиԥылара мҩаԥыргеит Шьамтәыла аҭагылазаашьа алацәажәаразы. Асаммит мҩаԥысит цәыббра 16 рзы Анкара.