АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҩаша ауха инаркны Шәача амшцәгьа иазыԥшуп. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирабжьыргоит ҭахра дук ада аәахьы идәылымҵларц.
"Цәыббра 17 аҽны Шәача иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны ақәаршҩыӷәӷәеи адыд-мацәыси ирзыԥшуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирабжьыргоит ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргарц – амашьынақәа абаннерқәа, аихатә конструкциақәа, аҵла дуқәа ирыҵадмыргылаларц.