Арадио

Sputnik акорреспондент еиҭалҳәеит Аҟәа Иреиҳаӡоу аусуӡбарҭаҿы аҭагылазаашьа зеиԥшраз

Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа арадио ефир аҿы еиҭалҳәеит Иреиҳаӡоу аусуӡбарҭаҿы Алхас Кәыҵниа ишшабӷьыц аилыргаразы аилатәара шымҩаԥысуаз.
Sputnik
Sputnik акорреспондент еиҭалҳәеит Аҟәа Иреиҳаӡоу аусуӡбарҭаҿы аҭагылазаашьа зеиԥшраз

"Аусӡбарҭа ахан акәша-мыкәша игылан азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Аҩныҵҟа иҩналоз зегьы гәарҭон, избанзар, ари азҵаара иахьазы ҳтәылаҿы азҿлымҳара ду амоуп, апровокациақәа ҟамларцаз ирыдкылан ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа. Аусӡбарҭа ахыбра азааигәара ауаа гылаӡамызт, ауаа ахьыҟаз аполитикатә партиа "Амцахара" ахыбра аԥхьеи, Аԥсны ахада иусбарҭа аҿаԥхьеи. Аусӡбарҭа аилатәараҿы инеирц зҭахыз рацәаҩын, ажурналистцәа ракәзар, Аԥсны аус зуа амассатә информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа зегьы уа иубар алшон. Аилатәараҿы ажурналистцәа авидеонҵамҭақәа ҟарҵар руамызт, избанзар ари иарку усӡбароуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит
  • Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аилатәара аҿҳәара инахоуп