Вышински иус азы аилатәара ҟалараны иҟоуп абҵара 6 рзы

Киевтәи аӡбарҭа цәыббра 16 рзы апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иус аганахь ала аилатәара арыцхә аԥсахит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 17– Sputnik. Киевтәи аӡбарҭа цәыббра 16 рзы иҟалараны иҟаз апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иус аганахь ала аилатәара арыцхә аԥсахит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ажурналист идукат Андреи Домански иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Кирилл Вышински киевтәи аӡбарҭа аҟнытә ихы дақәиҭиртәит

Домански ишиҳәо ала Вышински ахәышәтәырҭаҿ дышьҭоуп.

Домански макьаназ Вышински Украинаҟа данзыхынҳәуа атәы изымҳәеит. Уи аус аҳақьымцәа роуп изыӡбо ҳәа иҳәоит иара.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ҳашыг ажурналист Вышински иоужьразы: машәырны ишыҟамлаз еилкаауп
  • Вышински: сжурналистын, сышжурналисту саанхоит